Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа кажьуп уахыки-ҽнаки рыла

Украинатәи адронқәа карыжьит аиланхарҭақәа Ольгинкеи Гусельское рҿы (ДЖәР), иара убас Переможное аҿы (Запорожиатәи аобласт).
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа карыжьит уахыки-ҽнаки рыла ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы аицҭырҟьаратә система "Ураган" ареактивтә хгәыцәқәа ҩба кажьын Херсонтәи аобласт аҿы, Донецктәи жәлар Рреспубликаҿ икажьын арадиолокациаҿагыларатә HARM ҩ-ракетаки.
Аракетатә ари артиллериеи ҭадырхеит УАМ 80-тәи адесант-жәыларатә бригада адҵаҟаҵаратә ҭыԥ Краматорск ақалақь аҿы, 89 раион рҿы иҭархоуп 67 артиллериатә ҟәшеиҵа, аибашьыга техника.
Аиланхарҭа Нетаилово иаарԥшын аӷа ипозициақәа, иҭархоуп артиллериатә система М777. Дара Донецк ақалақь арантәи иалахысуан. Аҽа М777 ҭархоуп Запорожиатәи аобласт аҿы.
Иара убасгьы ааха аҭоуп аицҭырҟьаратә реактивтә система "Ураган" аибашьыга машьына, аицҭырҟьаратә реактивтә система "Град" амашьынақәа ҩба, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла 2С1 "Гвоздика", агаубицақәа "Мста-Б" ԥшьба, агаубицақәа Д-20 ҩба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар ЛЖәР аҿы украинатәи адиверсантцәа ргәыԥқәа ԥшьба ҭадырхеит
Аусбарҭа иаанацҳауеит Купианск ахырхарҭала уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аррамаҵурауаа 30 -ҩык рҟынӡа шҭархоу, иара убас аибашьыгатә кәылӡмашьынақәа ҩбеи х-автомашьынаки. Красно-Лиманск ахырхарҭала иҭархоуп 40-ҩык аибашьцәеи ԥшь-кәылӡмашьынаки ҩ-пикапки.
Донецктәи ахырхарҭала иҭархоуп 60-ҩык украинатәи аруаа, аршьаҟауаа реибашьыгатә машьынақәа хԥа, автомашьынақәа быжьба.