Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи ар ЛЖәР аҿы украинатәи адиверсантцәа ргәыԥқәа ԥшьба ҭадырхеит

© Sputnik / Сергей Батурин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТанкисты оперативно-боевого тактического формирования ДНР
Танкисты оперативно-боевого тактического формирования ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Анапаҵаҩра
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 70-ҩык аруаа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik. Урыстәылатәи ар ЛЖәР, аиланхарҭа Розовка аҿы украинатәи адиверсантцәа ргәыԥқәа ԥшьба ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иара убасгьы артиллериа ааха рнаҭеит УАМ арҟәшақәа аиланхарҭақәа Стельмаховка, Червонаиа Диброва рҟни Серебриансктәи абнааӡарҭаҿи. Купиансктәи ахырхарҭаҿы артиллериа ахымцала иҭархан ҩеижәаҩык аруаа, аршьаҟауаа рмашьына, автомашьынақәа ҩба.
Донецктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа иаԥдырҟәҟәааит ԥшыхәрала ижәылоз аӷа ируаа рқәылара Спорное, Новгородское, Водианое, Ленинское, Невельское рҟны (Донецктәи Жәлар Рреспублика).
Уахыки-ҽнаки рыла ари ахырхарҭаҿы иҭархан 130-ҩык аруаа, атанкқәа ҩба, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа хԥа.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ аҵакыратә хьчара 108-тәи абригадеи амеханизациатә 72-тәи абригадеи ртактикатә гәыԥқәа ааха рыҭан, иҭархан адиверсиатә гәыԥқәа ҩба Никольское иахьаҵанакуа.
Аӷа изеиԥш цәыӡ: 80-ҩык ишьуи ихәуи, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа хԥа.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит 124-тәи аҵакырахьчаратә бригадеи 61-тәи ашьаҟауаа-шәарыцаратә бригадеи рырҟәшақәеи аоперациа-ҷыдатә гәыԥ "Юги" ДЖәР аиланхарҭа Константинополь аҿы, Херсони Велетенское (Херсонтәи аобласт). Ааха рыҭан УАМ 56-тәи артиллериатә ҟәшақәа.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ааба, РСЗО HIMARS-и "Урагани" рыхгәыцәқәа фба, америкатәи арадиолакациатә ракетақәа HARM ԥшьба.
Совместное учение России и Белоруссии Союзная решимость-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Киеваа Донецктәи ахырхарҭала рконтржәылара аԥдырҟәҟәааит
Ажәабжьқәа зегьы
0