Беслани сареи ҷыдала аиҩызара ҳабжьан, даара ҳаизааигәан ԥсабарала, дунеихәаԥшьышьала ҳәа иҳәеит Чамагәуа арадиоефир аҿы.
"Беслан имаҷымкәа амаҵурақәа рҿы аус иуан, ажәбатәи отдел аҿы дыҟан, ахәаахьчараҿы, аҵыхәтәаны аҳазалхратә еилакы аҟны дыҟан. Аибшьраҿыгьы дхаҵан. Зегь рыла дуаҩ бзиан, убас ааха ӷәӷәа ҳауит, еиԥш иҟоу ахаҵа жәытәи ҿатәи ауаажәларраҿы даҭахуп. Беслан иусурагьы аибшьара дшазнеиуаз еиԥш иҽазыҟаҵаны днеиуан. Иҟазшьа џьбаран ианаҭахыз, аха ахаан аӡәгьы ирџьаџьаны димацәажәацызт. Даара иажәа раӡан", - иҳәеит Чамагәуа.
Беслан Гәбаз иҭынхеит х-ҩык ахәыҷқәа. Даҳцәыӡит аҩыза, Аԥсны аҵеи ҳәа азгәаиҭеит Леонид Чамгәуа аиҿцәажәараҿы.