Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуа Беслан Гәбаз изы: даара иԥшӡаны ауаҩы дизнеиуан

Чамагәуа Беслан Гәбаз изкны: ауаҩы изнеишьа даара иԥшӡан
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәырла иҭахаз Аԥсны Жәлар реизара V ааԥхьара адепутат Беслан Гәбаз аиҩызараҿы дзеиԥшраз, насгьы уи аибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәара атәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар реизара ԥасатәи ааԥхьара адепутат Леонид Чамагәуа.
Беслани сареи ҷыдала аиҩызара ҳабжьан, даара ҳаизааигәан ԥсабарала, дунеихәаԥшьышьала ҳәа иҳәеит Чамагәуа арадиоефир аҿы.
"Беслан имаҷымкәа амаҵурақәа рҿы аус иуан, ажәбатәи отдел аҿы дыҟан, ахәаахьчараҿы, аҵыхәтәаны аҳазалхратә еилакы аҟны дыҟан. Аибшьраҿыгьы дхаҵан. Зегь рыла дуаҩ бзиан, убас ааха ӷәӷәа ҳауит, еиԥш иҟоу ахаҵа жәытәи ҿатәи ауаажәларраҿы даҭахуп. Беслан иусурагьы аибшьара дшазнеиуаз еиԥш иҽазыҟаҵаны днеиуан. Иҟазшьа џьбаран ианаҭахыз, аха ахаан аӡәгьы ирџьаџьаны димацәажәацызт. Даара иажәа раӡан", - иҳәеит Чамагәуа.
Беслан Гәбаз иҭынхеит х-ҩык ахәыҷқәа. Даҳцәыӡит аҩыза, Аԥсны аҵеи ҳәа азгәаиҭеит Леонид Чамгәуа аиҿцәажәараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0