Арадио

Мықәԥҳа аӡын аныҳәамшқәа рзы Аԥсны ԥсшьара иаҭаауа рзы: аԥхын еиԥш ауаа ҟалоит

Ашықәс ҿыц аныҳәамшқәа рзы Аԥсны ԥсшьара иаауа иаҳа иалырхуа ахырхарҭақәа, ирбарц ирҭаху аҭыԥқәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны аекскурсиа амҩаԥгаҩ Кама Мықәԥҳа.
Sputnik
Сынтәа ирымоу адыррала ԥсшьара аныҳәамшқәа рзы Аԥсны иаҭаауа рхыԥхьаӡара маҷхом ҳәа азгәалҭеит Мықәԥҳа.
"Ҳара ииашоу адыррақәа ҳамоуп, абри амза ԥхынҷкәын 27 инаркны ажьырныҳәа 10-нӡа ҳарзыԥшуп аԥсшьаҩцәа ирацәаҩны. Исҳәар сҭахуп ари аамҭа аԥхынтәи амза нанҳәа еиԥш атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала ҳашрзыԥшу", - лҳәеит Мықәԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.