Аԥсны

Хәҩык Аԥсны атәылауаа закәаншьаҭада абџьар здырбалаз аанкылоуп

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа римнистрра иакьыԥхьит иаанкылоу азинеилагаҩцәа рзы аинформациа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Хәҩык Аԥсны атәылауаа закәаншьаҭада абџьар здырбалаз аанкылоуп ҳәа аҳәоит Аԥсны ААР аоперативтә дырраҭараҿы.
Аҟәа инхо Вадим Царгәыш иааларҟьаны агәаҭарақәа раан даанкылан. Имашьынаҿ Калашников иавтомати (ахҭалашәара 7,62 миллиметр) 50 хеиқәыршәеи аарԥшын. Абџьар ахысраз ихәарҭан.
Царгәыш ахара ихараҵоуп закәаншьаҭада абџьар аахәара, амазаара, амҩангара рзы. Атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы иаҵарҩуп.
Абри аҩыза аумҭаз ахара ихараҵоуп Аҟәа инхо Дамеи Чагәаа. Уи иавтомашьынаҿ ахысра иазырхиоу атапанча ҭан.
Абри аҩыза атапанчеи ахеиқәыршәеи идбалан Дәрыԥшь ақыҭа инхо Даур Гәымба. Гәымба иганахь ала ашьаус хацыркуп. Атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы иаҵарҩуп.
28-шықәса зхыҵуа Лыхны инхо Соломон Чхетиа ахалаҟаҵаратә аклаҭтапанчеи ахеиқәыршәақәеи идбалан.
Аԥсны
Киргизиа атәылауаҩҳәсақәа анаркотикқәа рыҭиразы 15-15 шықәса рықәырҵеит
Закәаншьаҭада иҵәахыз Токарев итапанчеи ихеиқәыршәақәеи имхын Аҟәа инхо Адгур Гәниа. Иара атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы иаҵарҩуп.
Аҭыԥ аман анаркотикқәа рымазаарагьы. Аҟәа инхо Роланд Чабалырхәа ашьаус даҵаргылоуп закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәара, рымазаара, рымҩангара рзы.
Чабалырхәа даанкылан Приморск, Аҳәынҭавтоинспекциа апост аҿы. Убысҟан иара анаркотикқәа идкылан дыҟан, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа идырбалеит анаркотик – метадон. Чаабалырхәа ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.
Агәаҭарақәа раан Очамчыра инхо Асҭамыр Адлеиба 23 грамм каннабис имхын. Ашьаус хацыркуп Аԥсны АЗ 223 ахәҭаҷ 2 ахәҭа инақәыршәаны. Адлеиба аҩнытә рбаандаҩра даҵаркуп.
Аԥсны
Анаркодилерцәа хыԥхьаӡара рацәала аметадон рыдбалоуп
Агәаҭарақәа рымҩаԥгараан Гәдоуҭа даанкылан Бабышьра инхо Асҭамыр Џьелиа. Амашьына ангәарҭоз азинхьчаҩцәа анаркотикатә маҭәашьар мефедрон рбеит. Иаанкылаз иажәаәқа рыла уи ихазы иааихәеит.
Џьелиа данааныркылоз метадон идкылан дыҟан. Ашьаус хацыркуп.
Приморск, Аҳәынҭавтоинспекциа апост аҿы даанкылан Агәыӡера инхо Александр Мурузиди. Иара ахара ихараҵоуп мефедрон хыԥхьаӡара рацәала иахьидбалаз азы.