Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анаркодилерцәа хыԥхьаӡара рацәала аметадон рыдбалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Милиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Анапаҵаҩра
Ацәгьоуцәа рыԥсы ахьынӡаҭоу аҭакра рықәшәар алшоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсны ААР анаркотикқәа рхылаԥшреи реикәыршареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа аметадон рымырхит мҿакы ҭбаала анаркотикқәа зҭиуаз ауааԥсыра.

Липецктәи аобласт иатәу Сергеи Киселеви Москватәи аобласт иатәу Роза Дубровинеи рмашьына, 48-тәи арегион аномерқәа змаз, аанкылан Гәдоуҭа араион аҳәынҭавтоинспекциа апост аҿы.

Киселиов идбалан 91 грамм анаркотик, Дубровина – 78 грамм. Амашьына аҩнуҵаҟа иара убасгьы иаарԥшын аҽа 159 грамм.
Иаанкылоу ирымхуп аҭелқәа, абанктә хсаалагақәа.
Иаанкылоу ахаҿқәа Аҟәа асасааирҭақәа руакы аҿы иаангылеит. Дара ахьӡеит Гәылрыԥшь араион аҿы амаӡа-ҵәахырҭақәа рҿы 34,5 грамм аметадон ашьҭаҵара. Уи азинхьчаҩцәа иаадырԥшит.
Киселиови Дубровинеи хараны ирыдырҵоит закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар хыԥхьаӡара рацәала аахәара, амҩангара, амазаара, аҭира.
Ацәгьоуцәа рыԥсы ахьынӡаҭоу аҭакра рықәшәар алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0