Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ҟабарда-Балкариа атеррористцәа ҭадырхеит

Аекстремистцәа Чегем атеракт мҩаԥганы Украина аҵакырахь ииасны УАМ аибашьцәа ирылаларц ргәы иҭан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ҟабарда-Балкариа ҩыџьа атеррористцәа ҭадырхеит. Урҭ украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рыдҵала аусурақәа мҩаԥыргон ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
Дара уаанӡа зус рыӡбахьаз Урыстәыла атәылауаа роуп, Чегем атеракт мҩаԥыргар рҭахын.
Уи анаҩс, Украина аҵакырахь ииасны УАМ аибашьцәа ирылаларц гәҭакыс ирыман.
Атеррористцәа раанкылараан аҿагылара ҟарҵеит. Аҭактә хымцала рҩыџьагь ҭархан. Азинхьчаҩцәа аҭыԥ аҿы ирбеит ҩ-кьылак рҟынӡа амчхара змаз ахалаҟаҵамҭатә арҭҟәацга, автомат АК-74, Макаров итапанча, аџьаԥҳаны рацәаны.
Ашьаус хацыркуп закәаншьаҭада абџьар аикәыршараз, азинхьчаҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭадара аҭаргылараз.
Атеррористцәа ацәгьара ирыцалахәызар зылшо ауаа рыԥшаара иаҿуп.
Урыстәыла АШәМ аҳәамҭа ҟанаҵеит УШәМ аус ацызуаз урыстәылауаа шаанкылоу азы