Урыстәыла АШәМ аҳәамҭа ҟанаҵеит УШәМ аус ацызуаз урыстәылауаа шаанкылоу азы

© Sputnik / ЦОС ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ РФ пресекла деятельность членов организованного преступного сообщества
ФСБ РФ пресекла деятельность членов организованного преступного сообщества - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2022
Анапаҵаҩра
Аоперативтә уснагӡатәқәа мҩаԥысит Пермтәи атәылаҿацәи, Евреитәи автономтә области, Ростовтәи аобласти рҿы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ атәыла арегионқәак рҿы иааларҟьаны агәаҭарақәа мҩаԥнагеит Урыстәылеи Украинеи ртәылауаа, атерактқәа зырхиоз раанкыларазы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

"Пермтәи атәылаҿацә аҵакыраҿы иаарԥшын УШәМ агентуратә гәыԥ, Урыстәыла атәылауаа Дмитри Стрелков, Михаил Соколов, Алексеи Гашев рыла ишьақәгылаз. Дара напынҵаны ирыман Урыстәыла аҵакыраҿы атерактқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи", - ҳәа аҳәоит арелиз.

Дара УШәМ адҵала Перм аҵакыраҿы асоциалтә ҵак змоу аинфраструктуратә хыбрақәа рҿы атерактқәа рымҩаԥгара рҽазыҟарҵон.
Ашьаусқәа хацыркуп "Аҳәынҭқарраԥсахра", "Аԥшыхәра" рыхәҭаҷқәа рыла. Стрелков афедералтә шьҭазаара имоуп. Егьырҭ аанкылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0