Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Донецк иалахысуаз УАМ артиллериатә системақәа ҭадырхеит

Донецк аиланхарҭақәа ирылахысуан Америкеи Германиеи иҭрыжьыз абџьар ала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецк иалахысуаз УАМ артиллериатә системақәа ҩба М77, агаубица FH-70 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Северск иахьаҵанакуа иҭархоуп РСЗО "Град" амашьынақәа хԥа, Петропавловкеи, Берестовои, Чернобаевкеи иахьрыҵанакуа иҭархоуп агаубицақәа хԥа - "Мста-Б", Георгиевкеи Маринкеи иахьрыҵанакуа - агаубицақәа Д-20, Д-30.
Аусбарҭа иаанацҳауеит Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хәба, 72 артиллериатә ҟәшеиҵа, ари атехникеи 97 раион рҿы, аџьаԥҳани аибашьыга техникеи рышьҭаҵарҭа Запорожиатәи аобласт аҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хԥа кажьуп уахыки-ҽнаки рыла
Купиансктәи ахырхарҭаҟны урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит 30-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, амашьынақәа ҩба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи артиллериа иҭадырхеит 25-тәи аҳаир-десанттә гәыԥ атактикатә ротақәа ԥшьба, 80-тәии 95-тәии адесант-жәыларатә гәыԥқәа ррота, аҵакырахьчара 103-тәи абригада арота.
Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 170-ҩык аруааи акәылӡтранспартиорқәа ҩбеи, апикапқәа ԥшьбеи.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 80-ҩык аибашьцәа, танкк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа ԥшьба.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ аибашьцәеи қьырала еибашьуеи амеханизациа зызуу 72-тәи абригадақәа. Убри аан иҭархоуп 70-ҩык УАМ аибашьцәеи Владимировка иаарԥшыз адиверсантцәа ргәыԥи иара убасгьы акәылӡмашьынақәа хәба, апикапқәа ҩба.