https://sputnik-abkhazia.info/20221228/urystylati-aruaa-donetsk-ialakhysuaz--uam-artilleriat-sistemaa-adyrkheit--1043382986.html
Урыстәылатәи аруаа Донецк иалахысуаз УАМ артиллериатә системақәа ҭадырхеит
Урыстәылатәи аруаа Донецк иалахысуаз УАМ артиллериатә системақәа ҭадырхеит
Донецк аиланхарҭақәа ирылахысуан Америкеи Германиеи иҭрыжьыз абџьар ала. 28.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-28T18:00+0300
2022-12-28T18:00+0300
2022-12-28T18:00+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/04/1042954612_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_ed65903bef917f7b156ff8b79e9b773b.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецк иалахысуаз УАМ артиллериатә системақәа ҩба М77, агаубица FH-70 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Северск иахьаҵанакуа иҭархоуп РСЗО "Град" амашьынақәа хԥа, Петропавловкеи, Берестовои, Чернобаевкеи иахьрыҵанакуа иҭархоуп агаубицақәа хԥа - "Мста-Б", Георгиевкеи Маринкеи иахьрыҵанакуа - агаубицақәа Д-20, Д-30. Аусбарҭа иаанацҳауеит Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хәба, 72 артиллериатә ҟәшеиҵа, ари атехникеи 97 раион рҿы, аџьаԥҳани аибашьыга техникеи рышьҭаҵарҭа Запорожиатәи аобласт аҿы. Купиансктәи ахырхарҭаҟны урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит 30-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, амашьынақәа ҩба. Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи артиллериа иҭадырхеит 25-тәи аҳаир-десанттә гәыԥ атактикатә ротақәа ԥшьба, 80-тәии 95-тәии адесант-жәыларатә гәыԥқәа ррота, аҵакырахьчара 103-тәи абригада арота. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 170-ҩык аруааи акәылӡтранспартиорқәа ҩбеи, апикапқәа ԥшьбеи. Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 80-ҩык аибашьцәа, танкк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа ԥшьба. Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ аибашьцәеи қьырала еибашьуеи амеханизациа зызуу 72-тәи абригадақәа. Убри аан иҭархоуп 70-ҩык УАМ аибашьцәеи Владимировка иаарԥшыз адиверсантцәа ргәыԥи иара убасгьы акәылӡмашьынақәа хәба, апикапқәа ҩба.
https://sputnik-abkhazia.info/20221227/ayry-dyzam-ukrainati-akharkhagaa-kha-kazhup-uakhyki-naki-ryla-1043353019.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/04/1042954612_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_cd371e7a81e53d96afbde03f236c0aee.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Урыстәылатәи аруаа Донецк иалахысуаз УАМ артиллериатә системақәа ҭадырхеит
Донецк аиланхарҭақәа ирылахысуан Америкеи Германиеи иҭрыжьыз абџьар ала.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецк иалахысуаз УАМ артиллериатә системақәа ҩба М77, агаубица FH-70 ҭадырхеит ҳәа
аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Северск иахьаҵанакуа иҭархоуп РСЗО "Град" амашьынақәа хԥа, Петропавловкеи, Берестовои, Чернобаевкеи иахьрыҵанакуа иҭархоуп агаубицақәа хԥа - "Мста-Б", Георгиевкеи Маринкеи иахьрыҵанакуа - агаубицақәа Д-20, Д-30.
Аусбарҭа иаанацҳауеит Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа хәба, 72 артиллериатә ҟәшеиҵа, ари атехникеи 97 раион рҿы, аџьаԥҳани аибашьыга техникеи рышьҭаҵарҭа Запорожиатәи аобласт аҿы.
Купиансктәи ахырхарҭаҟны урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит 30-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, амашьынақәа ҩба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи артиллериа иҭадырхеит 25-тәи аҳаир-десанттә гәыԥ атактикатә ротақәа ԥшьба, 80-тәии 95-тәии адесант-жәыларатә гәыԥқәа ррота, аҵакырахьчара 103-тәи абригада арота.
Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 170-ҩык аруааи акәылӡтранспартиорқәа ҩбеи, апикапқәа ԥшьбеи.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 80-ҩык аибашьцәа, танкк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа ԥшьба.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ аибашьцәеи қьырала еибашьуеи амеханизациа зызуу 72-тәи абригадақәа. Убри аан иҭархоуп 70-ҩык УАМ аибашьцәеи Владимировка иаарԥшыз адиверсантцәа ргәыԥи иара убасгьы акәылӡмашьынақәа хәба, апикапқәа ҩба.