Аԥсны

Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны аремонт усурақәа хыркәшахоит ашықәс алагамҭаз

Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа шьаҭаркын 1930 ықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музыкатә техникум ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны аремонт усурақәа хыркәшахоит 2023 шықәса ажьырныҳәа алагамҭаз, абри атәы иҳәеит ИАЕ "Строймонтаж" адиректор Русҭам Цәеиба. Абри атәы аанацҳауеит Акультура аминистрра.
"Аиҳабыра рнапынҵала ахыбраҿы аусурақәа ирылаган фымз раԥхьа. Уажәы урҭ ахыркәшарахь инеихьеит. Ажьырныҳәа 15 азы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит", - иҳәеит иара.
Аҵараиурҭа адиректор Нинель Бжьаниаԥҳа ишылҳәо ала ахыбра актәи аихагыла иныҭкааны аремонт ҟаҵоуп. Агәыӷра аалырԥшуеит атәыла аиҳабыра ԥхьаҟагьы аҩбатәи ахԥатәии аихагылақәа рҭыԥ иқәырҵап ҳәа.
"Ари культуратә центруп. Ароуп иахьааӡо уаҵәы ипрофессионалхаша амузыкарҳәаҩцәа", - лҳәеит лара.
Аремонттә усурақәа ирзоужьын 5,7 миллион мааҭ.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥара ззоужьу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит
Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа шьаҭаркын 1930 ықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музыкатә техникум ҳәа. Ари Аԥсны ираԥхьатәиз музыкатә ҵараиурҭан. Амузыкатә техникум арҵаҩцәа реилазаара алшарала культуратә центрны, акадрқәа еиҵанааӡо иҟалеит.
1933 шықәсазы атехникум аҿы аусура иалагеит асимфониатә оркестр, аҳәынҭқарратә квартет, жәлар ринструментқәа роркестр. 2002 шықәсазы еицырдыруа аԥсуа композитор Алықьса Чычба ихьӡ ахырҵеит.
Иахьа араҟа аус руеит: афортепиано, ахыцтә инструментқәа, жәлар ринструментқәа, авокал, ахортә дирижиорра, амузыка атеориа, жәлар рхортә ҟазара, аестрада рыҟәшақәа.