АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлари Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Путин иазгәеиҭеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа аиҩызареи астратегиатә партниорреи рҟазшьа рыманы адинамикатә ҿиарала ишымҩаԥысуа.
"Агәра ганы сыҟоуп 2023-тәи ашықәс азгьы ҳажәларқәа ринтересқәа, Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рырӷәӷәара хықәкны иҟаҵаны ҩ-ганктәи актуалтә зҵаарақәа рыӡбразы лҵшәа бзиала аусеицура шымҩаԥаагало", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Владимир Путин аԥснытәи иколлегеи аԥсуа жәлари ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара.