Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Владимир Путин аԥсуа жәлар Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВидеообращение президента РФ В. Путина по случаю Дня спасателя
Видеообращение президента РФ В. Путина по случаю Дня спасателя - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Анапаҵаҩра
Адныҳәалараҟны Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы аусура аҵак ду аманы ишыҟоу.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлари Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Путин иазгәеиҭеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа аиҩызареи астратегиатә партниорреи рҟазшьа рыманы адинамикатә ҿиарала ишымҩаԥысуа.
"Агәра ганы сыҟоуп 2023-тәи ашықәс азгьы ҳажәларқәа ринтересқәа, Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рырӷәӷәара хықәкны иҟаҵаны ҩ-ганктәи актуалтә зҵаарақәа рыӡбразы лҵшәа бзиала аусеицура шымҩаԥаагало", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Владимир Путин аԥснытәи иколлегеи аԥсуа жәлари ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара.
Ажәабжьқәа зегьы
0