Аԥсны

Аҳәынҭавтоинспекциа: аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа ашьхарахь рнеира ԥкызаауеит

Аԥкрақәа алагалоуп амҩатә машәырқәа раԥырҟәҟәааразы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа арныҟәцаҩцәа ргәы рҽанырҵоит аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа рыла ашьхарахь рнеира ԥкызаауеит ҳәа.
Амшцәгьақәа ҟалар аӡынтәи арезина зҵам автомашьынақәа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҵакырахь инарышьҭом.