Ицәажәараҟны Манаргиа иаликааит ақыҭа командақәа рыхәмаррақәа, иҳәеит шаҟа аҽазышәарақәа аадырԥшуа урҭ ршьапылымпыласыҩцәа рқыҭақәа рыхьӡ рҭыгаразы. Апрофессионалтә командақәа рыхәмарра атәы дазааҭгыло, иазгәеиҭеит Гәдоуҭатәи "Риҵа" сынтәа иаанырԥшыз ақәҿиара дуқәа ртәы, акоманда иалахәу ахәмарыҩцәа рыҽшалыркааз.
Убасгьы Манаргиа иазгәеиҭеит аӡбаҩцәа рызҵаара иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа ишаанхо Аԥсны.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.