Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Манаргиа: Ашьапылымпылтә Федерациа аус ауеит, акомандақәагьы иаҳа ҳаиӷьхандаз ҳәа иҟоуп

Манаргьиа: Ашьапылымпылтә Федерациа аус ауеит, акомандақәагьы иаҳа ҳаиӷьхандаз ҳәа иҟоуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашьапылымпыл азы Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа арадио Sputnik аефир аҟны алкаақәа ҟаиҵеит ашьапылымпылтә спорт азы иҳаҩсыз ашықәс азы.
Ицәажәараҟны Манаргиа иаликааит ақыҭа командақәа рыхәмаррақәа, иҳәеит шаҟа аҽазышәарақәа аадырԥшуа урҭ ршьапылымпыласыҩцәа рқыҭақәа рыхьӡ рҭыгаразы. Апрофессионалтә командақәа рыхәмарра атәы дазааҭгыло, иазгәеиҭеит Гәдоуҭатәи "Риҵа" сынтәа иаанырԥшыз ақәҿиара дуқәа ртәы, акоманда иалахәу ахәмарыҩцәа рыҽшалыркааз.
Убасгьы Манаргиа иазгәеиҭеит аӡбаҩцәа рызҵаара иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа ишаанхо Аԥсны.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0