Аԥсны

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит аԥсуа драматә театр аҟны

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ахәыҷқәа иддырбоит аспектакль "Анашанатә чықьмаџьа".
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба даҭааит Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы иқәыргылоу аспектакль "Анашанатә чықьмаџьа", еизаз ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
Бадра Гәынба иҳәеит, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа ҳреспублика араионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа еизганы аныҳәа рзаԥиҵар шиҭаххаз.
1 / 4

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ахәыҷқәа иддырбоит аспектакль "Анашанатә чықьмаџьа".

2 / 4

3 / 4

4 / 4

"Ҳԥеиԥш шәара ишәыдаҳкылоит, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҵараҟны ақәҿиарақәа", - иҳәеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы Алхас Ҷолокәуа иажәақәа рыла, аныҳәамшқәа рзы, есыҽны атеатр аҟны ахәыҷтәы спектакль ықәдыргылоит, иара убас иҳәеит аспектакль ашьҭахь Аслан Бжьаниа ихьӡала аҳамҭақәа шырзыршо.
Аразреи ихадоуи рлакә: аныҳәатә спектакль аԥсуа драматә театр аҟны