Аԥсны

Иааиуа аҵарашықәс азы Урыстәыла аҳәаанырцәтәи астудентцәа рзы 30-нызқь ҭыԥ ылнахит

Аквотала аҵаиурҭақәа ирҭало астудентцәа рҵара хәыда-ԥсадоуп, иара убас азеиԥшнхарҭаҿы ауадеи астипендиеи роуеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Урыстәыла иааиуа аҵарашықәс ҿыцаз урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо аҳәаанырцәтәи астудентцәа рзы 30-нызқь ҭыԥ ылнахит. Абри атәы иҳәеит Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Павел Шевцов.
Аквотатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара:
2019 шықәса - 15 нызқь,
2021 шықәса - 18 нызқь,
2022 шықәса - 23 нызқь.
Иара убасгьы Урыстәыла аиҳабыра Аԥснынтәи астудентцәа рзы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыҟны абиуџьеттә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацнаҵеит.
2023-2024 аҵарашықәс азы урыстәылатәи ауниверситетқәа рыҟны аҭалара рылшоит 20-ҩык рыла еиҳаны ҵыԥха аасҭа. Иааидкыланы аԥсуа абитурентцәа рзы илхыуп 110 ҭыԥ.
Аквотақәа рхыԥхьаӡара иацырҵеит иара убасгьы егьырҭ атәылақәа рызгьы - Белоруссиа, Таџьикистан, Узбекистан, Киргизиа, Ҟазахстан.