Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин анапынҵа ҟаиҵеит ажьырныҳәа 6-7 рзы Украина ахымца аанкылазарц

Уаанӡа Москватәии Урыстәылазегьтәии апатриарх Кирилл ааԥхьара ҟаиҵахьан қьырсаныҳәаз аамҭалатәи аҭынчра шьақәдыргыларц азы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу анапынҵа ииҭеит ажьырныҳәа 6 асааҭ 12:00 инаркны ажьырныҳәа 7 асааҭ 24:00 нӡа аибашьра ацәаҳәақәа зегь рыҟны ахымца аанкылазарц ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
"Аԥшьацқьа апатриарх Кирилл иааԥхьара азгәаҭаны, Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр инапы ианысҵоит ажьырныҳәа 6 асааҭ 12:00 инаркны ажьырныҳәа 7 асааҭ 24:00 нӡа Украина аибашьра ацәаҳәақәа зегь рыҟны аганқәа ахымца ааныркыларц", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Кремль украинатәи аган аанаԥхьеит ахымца аанкылара рыланаҳәарц, уи алагь Ақьырсиан иашахаҵаратә дин ныҟәызго ауаа Қьырсаныҳәазтәи анцәа имҵаныҳәараз ауахәамақәа ирҭаарцаз алшара рыҭара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Апатриарх Кирилл қьырсаныҳәаз аамҭалатәи аҭынчраз ааԥхьара ҟаиҵеит