Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Апатриарх Кирилл қьырсаныҳәаз аамҭалатәи аҭынчраз ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПатриарх Московский и всея Руси Кирилл посетил Санкт-Петербург
Патриарх Московский и всея Руси Кирилл посетил Санкт-Петербург - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ААР аҟны ирҳәеит Украина аганахь ала аибашьра аанкылараз ажәакгьы шыҟам, Киев аимак арӷыӷкра ишазхиоу.
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Москватәии Урыстәылазегьтәии апатриарх Кирилл ааԥхьара ҟаиҵеит қьырсаныҳәаз аамҭалатәи аҭынчра шьақәдыргыларц, ааԥхьара кьыԥхьуп Аурыс Иашахаҵаратә Уахәама асаит аҟны.

"Аимак зҽагәылазхалаз аганқәа зегь шәахь ааԥхьара ҟасҵоит, ахымца аанкылазарц <...> ажьырныҳәа 6 асааҭ 12:00 инаркны ажьырныҳәа 7 асааҭ 24:00 рҟынӡа. Ақьырсиан иашахаҵаратә дин ныҟәызго ауаа Қьырсаныҳәазтәи анцәа имҵаныҳәараз ауахәамақәа ирҭаарцаз", - ҳәа аҳәоит апатриарх иааԥхьамҭа аҟны.

Москватәии Урыстәылазегьтәии апатриарх Кирилл ԥхынҷкәынмза анҵәамҭаз иҳәеит, Донбасс ицо аибашьра Урыстәыла алалара зыхҟьаз Мраҭашәаратәи атәылақәеи киевтәи амчрақәеи еиҵдарҟьаз абжьаҟазаратә усқәа шракәу. Иҳәеит гәыхьла ишидикыло имҩаԥысуа ахҭысқәа, аха убри аан иазгәеиҭеит имҩаԥысуа аимак азы ахара зду " ҳажәларқәа ракзаара, ҳанцәахаҵара аихыбгалара хықәкыс измаз" шракәу ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0