АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иирамш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Шәара шәус аҭакԥхықәра зцу Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу цҳаражәҳәаҩны шәалкаауп апринципра змоу, ззанааҭҩаӡара ҳараку, аҳәынҭқаррабжьаратә усеицураҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны азҿлымҳара аазырԥшуа шәакәны", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, Шургалин аԥсуа-аурыс усеицураҟны аизыҟазаашьақәа реизҳараҟны илагала аԥхьаҟагьы агәылаеимабзиареи аҩызареи арӷәӷәара ишацхраауа.
Михаил Шургалин Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан лаҵара 22 2022 шықәсазы. Уи аԥхьаҟа Михаил Шургалин Урыстәыла ААР аҿы ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректорс дыҟан.