Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иирамш идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ажьырныҳәа 6 рзы иирамш азгәеиҭоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иирамш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Шәара шәус аҭакԥхықәра зцу Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу цҳаражәҳәаҩны шәалкаауп апринципра змоу, ззанааҭҩаӡара ҳараку, аҳәынҭқаррабжьаратә усеицураҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны азҿлымҳара аазырԥшуа шәакәны", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Бжьаниа иазгәеиҭеит, Шургалин аԥсуа-аурыс усеицураҟны аизыҟазаашьақәа реизҳараҟны илагала аԥхьаҟагьы агәылаеимабзиареи аҩызареи арӷәӷәара ишацхраауа.
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2023
Аԥсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи ААР рыбжьара аицәажәара хырҳагоуп ҳәа иҳәеит Арӡынба
Михаил Шургалин Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан лаҵара 22 2022 шықәсазы. Уи аԥхьаҟа Михаил Шургалин Урыстәыла ААР аҿы ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректорс дыҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0