Аԥсны

Ҟәланырхәа инхо ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа рзын имҩаԥган агәыҳалалратә акциа

Акциа мҩаԥыргеит агәыҳалалратә фонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо аҭаацәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Ҟәланырхәа инхо ахәыҷы рацәа змоу Аҩӡаа рҭаацәара рзы имҩаԥган агәыҳалалратә акциа.
Акциа аиҿкааҩцәа, ақьафурҭа "ABURGER" есышықәса 50 нызқь мааҭ рҟынӡа ахыбра аҩнуҵаҟа арԥшӡараз инырхон. Аха сынтәа ирыӡбеит ашықәсҿыцазтәи арԥшӡара аҭыԥан аҭаацәа рацәа рыцхраара.
"Афонд "Кьарази" ҳареи иҳаԥшааит ахәыҷырацәа ахьыҟаз аҭаацәара, иҳаӡбеит ирыгу ирыбзоу еилаҳкаарц. Аҭаацәа иаҳа ирҭахыз рзааҳхәеит", - ҳәа лҳәеит "ABURGER" аӡыргара анапхгаҩы Екатерина Еныкь.
Акьафурҭа аҭаацәа ирзаанахәеит афатә архьшәашәагеи ахцәы рбагеи, иара убас 4 нызқь мааҭ рыхә афатәи.
1 / 6

"ABURGER" акциа мҩаԥнагеит "Кьараз" хылаԥшра знаҭо аҭаацәа рзы

2 / 6

"ABURGER" акциа мҩаԥнагеит "Кьараз" хылаԥшра знаҭо аҭаацәа рзы

3 / 6

"ABURGER" акциа мҩаԥнагеит "Кьараз" хылаԥшра знаҭо аҭаацәа рзы

4 / 6

"ABURGER" акциа мҩаԥнагеит "Кьараз" хылаԥшра знаҭо аҭаацәа рзы

5 / 6

"ABURGER" акциа мҩаԥнагеит "Кьараз" хылаԥшра знаҭо аҭаацәа рзы

6 / 6

"ABURGER" акциа мҩаԥнагеит "Кьараз" хылаԥшра знаҭо аҭаацәа рзы

Ажьырныҳәа 5 рзы быжьҩык ахәыҷқәа ран дрыцны Аҟәаҟа иааит Аԥсуа драмтеатр аҟны ашықәсҿыцазтәи ақәгылара иахәаԥшырц. Аспектакль ашьҭахь аҭаацәа наԥхьан "ABURGER" ашҟа, уаҟа ахәыҷқәа алшара рыман ахәыҷтәы зал аҟны ахәмарра.
Акциа "Ашанаҵла" аҳәаақәа ирҭагӡаны агәыҳалалратә фондқәа "Кьарази" "Ашанеи" рҟынтәи, ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду иахь ирыҩыз асалам шәҟәқәа рыҟны ианыз аҳамҭақәа роуит.
Аԥсны
Дасу игәазыҳәара аниоуа: "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ргәыхәтәқәа нарыгӡеит