Латвиа АШәМ Касем дызхааныркылаз атәы рҳәеит

Ажьырныҳәа 5 рзы ригатәи аусӡбарҭа аӡбарала Марат Касем дырбаандаҩны ригатәи Абахҭа хадахьы диаргеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Латвиа АШәМ аҟны ирҳәеит Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем дшаанкылоу ЕА асанкциақәа еилеигеит ҳәа, аҳәамҭаҿы иарбаӡам аԥшыхәразы ахәҭаҷ.
Рига дааныркылеит Sputnik Литва аредактор хада дыԥшыхәҩуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны
Уаанӡа Sputnik Ааигәатәи аҳәаанырцә Telegram-канал адукат шьаҭас дганы иаанацҳаит Касем иус аҟны ишҳәоу Евроидгыла Урыстәыла аганахь ала иаланагалаз аекономикатә санкциақәа реилагареи аԥшыхәҩи ҳәа гәҩарас дшыркыз атәы.
Иазгәаҭоуп, "дшаанкылоу ашьаусҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны АШәМ ихацнаркыз Ашьаустә закәанеидкыла 84-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭала - ЕА асанкциақәа реилагара".
АШәМ аҳәамҭаҿы Касем ижәла ҳәаӡам, иӡбахә ҳәоуп "амаҵзура "Россия сегодня" аусзуҩы ҳәа".