Рига дааныркылеит Sputnik Литва аредактор хада дыԥшыхәҩуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

© Foto / Марат КасемМарат Касем
Марат Касем - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2023
Анапаҵаҩра
Марат Касем Латвиа датәылауаҩуп, шықәсқәак раахыс Москва дынхоит аус иуеит Sputnik Литва зҵазкуа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аҟны. Ԥхынҷкәын 30 рзы иҭаацәаратә ҭагылазаашьазы Латвиаҟа дцеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Латвиатәи аусбарҭаҷыдақәа Рига дааныркылеит Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем асанкциақәа реилагареи аԥшыхәҩи ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ааигәатәи аҳәаанырцә Telegram-канал.
"Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем Рига дааныркылеит Латвиатәи аусбарҭаҷыдақәа. Ажьырныҳәа 5 рзы имҩаԥысит аусӡбара аилатәара, уаҟа иахәаԥшит ирбаандаҩра азҵаара. Касем идукат лҽазылшәеит ақәыршаҳаҭгала доурыжьырц, аха аусӡбарҭа аӡбара аднакылеит ирбаандаҩразы. Иацы ажурналист диаган ригатәи Абахҭа хадахьы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Sputnik Ааигәатәи аҳәаанырцә Telegram-канал ишаанацҳауа ала, Касем хараны идырҵоит Урыстәыла аганахь ала Евроеидгыла имҩаԥнаго аекономикатә санкциақәа реилагареи, иара убас дыԥшыхәҩуп ҳәа гәҩарас иҟаҵареи. Убри аана аҩбатәи ахәҭаҷ ала 20 шықәса аҭакра иқәшәар алшоит.
Амедиагәыԥ "Россия сегодня" ахада Дмитри Киселев Касем иаанкылара ҵакыдоуп, изиндоуп ҳәа ахиҳәааит. Иазгәеиҭеит Евроедгылаа зегьы рзын ари ишәарҭоу шхырхарҭоу.
Киселев иажәақәа рыла, иаанкылоу ажурналист изныкымкәан иҳәахьан аполитикатә ашьҭазаара шиныруаз.
Марат Касем иаанкылараз Урыстәыла ААР абжьы ақәнаргеит. Аусбарҭа ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова жәларбжьаратәи аиҿкаарахь аапхьара ҟалҵеит ари ахҭыс иазхьаԥшырц азы. Лара илҳәеит акыр шықәса раахыс прибалтикатәи аҳәынқаррақәак Касем ишишьҭашәарыцоз.
"Ажурналист изныкымкәан иҳәахьан ашәарҭара шиныруаз. Уажәы иаабоит ишәарақәеи игәаанагарақәеи шлабҿабахаз. Жәларбжьаратәи ахеидкыла иауалуп зхы иамакәачрахаз арежим азакәан ақәныҟәара", - ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аҟны Захарова.
Ажәабжьқәа зегьы
0