Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киев Донбасс ишалахысыц иалахысуеит Урыстәыла аамҭала ахымца аанкылара шаланагалазгьы

Урыстәыла ахада инапынҵа инақәыршәаны аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рыҟны ажьырныҳәа 6 асааҭ 12:00 инаркны ажьырнҳәа 7 асааҭ 24:00-нӡа Украина аибашьра ацәаҳәақәа зегь рыҟны аганқәа ахымца аанкылара рылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Украинатәи ар ахысрақәа ирҿуп Урыстәыла аамҭала ахымца аанкылара анрыланаҳәа ашьҭахьгьы ҳәа азгәарҭоит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Ажьырныҳәа 6 асааҭ 12:00 инаркны урыстәылатәи ар ахымца аанкылара ишықәныҟәогьы, киевтәи арежим анхарҭатә ҭыԥқәеи урыстәылатәи апозициақәеи артиллериала ишрылахысыц ирылахысуеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Арратә усбарҭаҟны ирҳәеит, Краснолиманск ахырхарҭала Украина арбџьармчқәа аминаршәгала ԥшьынтә урыстәылатәи апозициақәа ишрылахысыз ажьырныҳәа 6 рзы. Иара убас ари аҽны ЛЖәР Белогоровк араион аҟны хынтә артиллериатә шьақәгылала ирылахысит, Новопавловки Запорожтәи аобласти рыҟны аантә ирылахысит.
Арратә аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп: 360 ҳаирплан, 199 вертолиот, 2839 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, азениттә ракетатә комплексқәа 400, атанкқәеи егьырҭ аибашьыгатә акәылӡ машьынақәеи 7437, аибашьыгатә машьына аицҭырҟьаратә мца ареактивтә системақәа 971, аминаршәгақәеи артиллериатә бџьари 3783.