Хасавиурт аҩнеихагылаҿы агаз ахьԥжәаз хәҩык ауаа аахақәа роуит

Ҩыџьа ахәшәтәырҭахь инагоуп, хҩык рҭагылазаашьа баргәым.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Хәҩык ауаа аахақәа роуит Даӷьсҭан ақалақь Хасавиурт хә-еихагылак змоу аҩнаҿы абзазаратә газ ахьԥжәаз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ақалақь ахадара апресс-маҵзура аиҳабы Нажиуллау Абдулаев иажәақәа шьаҭас иганы.
"Хәҩык ауаа аахақәа роуит, урҭ рахьтә ҩыџьа ахәшәтәырҭахь инагоуп", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Абдуллаев.
Уаанӡа Даӷьсҭан иҟоу Урыстәыла АҶА аусбарҭа адырра ҟанаҵахьан Хасавиурт Датуев ихьӡ зху амҩаҿы хә-еихагылак змоу аҩны актәи аихагылаҿы агаз ԥжәан, амцакра ҟалеит ҳәа. Аԥжәара шыҟалаз азы аиқәырхаҩцәа рахь адырра ҟалеит ажьырныҳәа 8 асааҭ 02:35 рзы.
Иазгәарҭахьан, ишԥжәаз аҩны иадҵан идыргылааз ахыбраҿы. Жәаҩык анхацәа дәылган.