Аԥсны

Шә-нызқь мааҭ рзыршәеит Гәдоуҭа Ашықәс ҿыц ауха ииз ахәыҷы иҭаацәа

Леонард Узун-Иакуб-оӷлы Аԥсны 2023 шықәса рзы раԥхьаӡа ииз ахәыҷы иакәхеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы Аԥсны раԥхьаӡа ииз ахәыҷы иҭаацәа шә-нызқь мааҭ рзыршәеит, абри атәы аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.
Арԥыс Леонард Узун-Иакуб-оӷлы ихьӡуп, иара диит ԥхынҷкәын 31 - ажьырныҳәа 1 руха асааҭ 00:15 рзы.
Ашықәс ҿыц ауха Аԥсны иит ԥшьҩык аҷкәынцәа. Аҟәа раԥхьа диит Нарҭ Агрба-Черқьезиа асааҭ 00:35 рзы. Асааҭ 03:10 рзы диит Тома Булисқьериа, Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿы ашьыжь асааҭ 4 рзы диит Шамиль Ҭаркьыл.
Аҟәеи Гагреи рнапхгара аҳәамҭа ҟарҵеит рықалақьқәа рҿы раԥхьа ииз ахәыҷқәа рҭаацәа шәкы-шәк нызқь мааҭ шрырҭо.
Аԥсны
Ԥшьҩык ахацәарԥар: Аԥсны Ашықәс ҿыц ауха ииз