Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ԥшьҩык ахацәарԥар: Аԥсны Ашықәс ҿыц ауха ииз

© AFP 2023 / LOIC VENANCEНоворожденный ребенок
Новорожденный ребенок  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса рзы Аԥсны раԥхьатәи ахәыҷы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы диит асааҭ 00:15 рзы. Асаби 3 кьылаки 100 граммки икапануеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ԥшьҩык аҷкәынцәа иит Аԥсны Ашықәс ҿыц ауха.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы асааҭ 00:15 рзы Узун-Иакуб-оӷлы рҭаацәараҿы диит 3 кьылаки 100 граммки зкапануа аҷкәын.
Аҟәа раԥхьа диит Нарҭ Агрба-Черқьезиа асааҭ 00:35 рзы. Иара 3 кьылаки 300 грамми икапануеит. Аҟәа ақалақь ахадара асаби иҭаацәа ирҭеит 100 нызқь мааҭ шроуа азы аршаҳаҭга.
Гал асааҭ 3:10 рзы диит Тома Булисқьериа, уи икапан 3 кьылаки 200 грамми ыҟоуп.
Даҽа ҷкәынак диит Гагратәи араионтә хәшәтәырҭаҿы ашьыжь асааҭ 4 рзы. Шамиль Ҭаркьыл икапан 3 кьылаки 690 грамми ыҟоуп. Араион ахада Иури Хагәышь иҟаиҵаз адҵала, ахәыҷы иҭаацәа 100 нызқь мааҭ рырҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0