Аԥсны

Акриптавалиута арҳаразы закәаншьаҭада Аԥсныҟа иааргоз амаруыгақәа аанкылоуп

Аԥсны акриптовалиута арҳареи, уи азы амаининг маругақәа атәыла ралагалареи рзы аԥкрақәа алагалоуп ԥхынҷкәын 31, 2023 шықәсанӡа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны аҳазылхаҩцәа иааныркылеит амаининг-аппаратқәа зҭаз амашьына ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа закәаншьаҭада амаининг-аппаратқәа аиагара ргәы иҭан.
Аусбарҭаҟны ишазгәарҭо ала, амашьына арԥхагеи аҳауарыцқьагеи еиқәшәамкәа ианырба хыхьтәи аҵҟьа анахырх ирбеит амаининг-хархәагақәа ԥшьба.
Аппаратқәа рымхыуп, административтә зинеилагараз аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.