Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина итҟәаны ирымаз аурыс солдаҭцәа ҩынҩажәижәаҩык дырхынҳәит

Аруаа Москваҟа инаргеит Атәылахьчара аминистрра агоспитальқәа рҿы ахәшәтәреи ареабилитациеи иахысразы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Амҽыша ажьырныҳәа 8 рзы имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны 50-ҩык урыстәылатәи асолдаҭцәа Украина итҟәаны ирымаз оурышьҭит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 8 рзы имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны Киев анапаҵаҟа иҟоу аҵакыраҟынтәи ирхынҳәуп ашьра зықәҵаз 50-ҩык урыстәылатәи аруаа", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа адырраҭара.
Аруаа Москваҟа инаган Урыстәыла Арра-космостә мчқәа иртәу арра-транспорттә авиациа аҳаирпланқәа рыла Атәылахьчара аминистрра агоспитальқәа рҿы ахәшәтәреи, ргәабзиара ашьақәыргылареи, апсихологиатә цхыраареи иахысразы.
Аҵыхәтәантәи амзақәа ирылагӡаны Москвеи Киеви изныкымкәа атҟәацәа реиҭныԥсахларақәа мҩаԥыргахьеит. Ԥхынҷкәын 1 азы Урыстәылаҟа ихынҳәит 50-ҩык, убриаҟара дырхынҳәит абҵара 24 рзы, абҵара 26 рзы - жәҩык.
Аҵыхәтәаны аиҭныԥсахлара мҩаԥган ԥхынҷкәын 6 рзы, усҟан ирхынҳәын 60-ҩык аруаа.