Аԥсны

Наӡаӡа ҳәа рарҳәеит: 2022 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

2022 шықәса аҩнуҵаҟа Аԥсны иацәыӡит еицырдыруаз аӡәырҩуаа - урҭ рыбжьара аҵарауаа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусуҩцәа, аспортсменцәа.
Sputnik
Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны иацәыӡыз ауаа - Sputnik аматериал аҟны.

Шьазина Агрԥҳа

2022 шықәса ажьырныҳәамзазы 64 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи афонд адиректор Шьазина Агрԥҳа. Абри атәы анырҵеит Москватәи аԥсуа диаспора рхатәы саит аҟны.
"Иаамсҭашәаз, иаартыз, даара иҟәыӷаз, зус ҭакԥхықәрала бзиа ибаны иазнеиуаз уаҩын. Шьазина аӡәы диеиԥшымкәа лыхшыҩҵакқәеи лаԥшьгамҭақәеи урыдылхалон. Бзиа илбон Аԥсны, уи алахьынҵа лхьаан, дпатриотын, акультура аус азылуан", - ҳәа аҳәон адиаспора адырраҭараҿы.
Шьазина Агрԥҳа Фазиль Искандер ифонди ҳаамҭазтәи аҟазара агалереиа "Шьазинеи" напхгара рылҭон. Агалереиаҿы иӡырылгон Варвара Бубнова, Владимир Андреенков, Шавкат Абудсаламов, Рустам Хамдамов.
Агрԥҳа Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын.

Виктор Санеев

Аԥсны ииз иааӡаз, СССР еизгоу акоманда иаланы аурыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи аолимпиатә чемпион Виктор Санеев идунеи иԥсахит 76 шықәса дшырҭагылаз 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы.
Виктор Санеев – аспорт аҭоурых аҿы иараӡәк иоуп урыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи олимпиатә чемпионы иҟалахьоу. Иара иреиӷьу ҳәа далкаан 1968, 1972, 1976 шықәсқәа рызтәи Аолимпиадақәа раан, 1980 шықәса рзы Москва Виктор Санеев араӡны медал даԥсахеит.
Ачемпион изы "араӡны": Аԥснытәи аспортсмен Аолимпиада-80 аҿы аҩбатәи аҭыԥ шигаз

Цира Габниаԥҳа

Аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа фольклор ажанр маҷқәа ирызку раԥхьаӡатәи амонографиатә ҭҵаамҭеи раԥхьаӡатәи аԥсуа мифқәеи алегендақәеи реизгеи равтор Цира Габниаԥҳа 62 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит жәабран 2, 2021 шықәсазы.
Цира Габниаԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет алитература акафедра ддоцентын, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша деиҳабын.
Цира Габниаԥҳа диит 1960 шықәса нанҳәамза 8 рзы Џьырхәа ақыҭан. Қәҿиарала далгеит Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи апедагогикатә институт. 1983 шықәсазы дҭалоит аспирантура СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Адунеитә литература Аинститут аҟны "СССР ажәларқәа рфольклор" азанааҭ ала.
Цира Габниаԥҳа дравторуп аԥсуа фольклор ажанр маҷқәа ирызку раԥхьаӡатәи амонографиатә ҭҵаамҭа, иара убас аԥсуа мифқәеи алегендақәеи реизга.

Валентин Барцыц

2022 шықәса жәабранмзазы 88-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР абаҩырҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ, Аԥсны аспорт азҟаза, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьаз Валентин Барцыц.
Валентин Барцыц 1956 шықәса раахыс Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә школ аҿы аклассикатә қәԥаразы зыҟаҵаҩыс дыҟан, еиҵаиааӡеит Аԥснытәи АССРи Қырҭтәылатәи ССРи рчемпионцәа. 1973 шықәсазы Барцыц абокси, ақәԥареи, атлетика хьанҭеи рзы Аҟәатәи ахәыҷы-қәыԥштә школ директорс дҟаҵан. Еидикылеит ириеӷьӡаз азыҟаҵаҩцәа, аспорт аҿиараз аҭагылазаашьа бзаиқәа аԥиҵеит, Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿы ашкол афилиалқәа раартра дацхрааит, ашколгьы ақалақьтә аҟынтә ареспубликатә ҟазшьа аиура алиршеит.
Валентин Барцыц изныкымкәа Аԥсни Қырҭтәылеи дырчемпионхахьан.

Рубен Керопиан

Гәдоуҭа араион инхоз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҵыхәтәантәи аветеран Рубен Керопиан иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәсазы.
Лаҵара 9 2022 шықәсазы Аиааира Ду иазкыз аныҳәаҟны Рубен Керопиан Гәдоуҭа иҿымцәаауа амца аиркит.
Рубен Керопиан диит жәабран 23 1925 шықәсазы Аԥснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан.
1944 шықәсазы Керопиан еибашьра дцоит, Асовет ар дрылан машьынарныҟәцаҩыс дыҟан. Актәи Белоруссиатәи афронт даланы Польшанӡа днаӡеит. Дхәын. Анаҩс аҩныҟа доурышьҭит.
Рубен Керопиан ианашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II аҩаӡареи "Германиа аиааирази" амедали.

Иакуб Лакоба

Ԥхынгәымза 2022 шықәсазы идунеи иԥсахит иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, Аԥсны Жәлар рпартиа ахантәаҩы Иакуб Лакоба.
Иакуб Лакоба диит 1949 шықәса рзы Афон ҿыц. Иара далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет, иара Аԥсны азиндырратә ҵара ашьаҭа зҳаз дреиуоуп: 1979 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ААУ азиндырратә факультет аҳәынҭқарратәи административтәи зин атеориеи аҭоурыхи ркафедра арҵаҩыс дыҟан.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иара Аԥсны Аџьар Ҟаԥшь Аилак Аилазаара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, атәылахь абџьари ахәшәқәеи раагара аус инапы алакын.
1996 - 1999 шықәсқәа раан иара редактор хадас даман апартиатә газеҭ "Кьараз", Аԥсны Жәлар рпартиа Аҟәатәи аиҿкаара дахагылан. 1999 шықәса инаркны Лакоба Аԥсны Жәлар рпартиа Аполитхеилак ахантәаҩыс дҟалеит.
2004 шықәса рзы Иакуб Лакоба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада имаҵурахьы кандидатс дықәгылан.

Виктор Маланӡиа

2022 шықәса жьҭаарамзазы иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Маланӡиа.
Арадио
Гәбаз Виктор Маланӡиа изы: иџьабаа зду Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь ила иахьамбаз ҳгәы иалоуп
Виктор Илиа-иԥа Маланӡиа - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаҩи аԥстәқәеи рекологиатә шәарҭадараз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә Академиа алахәыла-корреспондент, Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонатика Академиа лахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадырратә академиа аҟны иаԥҵоу аԥсаатәҭҵааҩцәа рхеилак алахәыла, Урыстәыла аԥсаатәқәа рыхьчаразы Ахеилак алахәыла.
1991 шықәсазы абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ азы "Орнитофауна Абхазии и ее охрана" атемала адиссертациа ихьчеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус иуан 1989 шықәса раахыс.

Ҭамара Коӷониа

1972-1992 шықәсқәа рзы Аԥсны аҵара министрс иҟаз Ҭамара Коӷониа лыԥсҭазаара далҵит абҵарамза 2022 шықәсазы.
Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, Ҭамара Коӷониа есымша Аԥсны аинтересқәа рыхьчара дазықәԥон.
"Лара 20 шықәса инеиҳаны 1972-1992 шықәсқәа рзы аҵара министрс дыҟан. Лнапхгарала ҳтәылаҟны иргылан 150 школ. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны лажәа ӷәӷәан. Ҭамара Иван-иԥҳа ҳаҭыр ду лықәырҵон, лажәа иазыӡырҩуан. Лара аҵара система аҿыцрақәа алагалара дацәшәомызт", - иҳәеит иара.
Амилаҭтә библиотека аиҳабы иазгәеиҭеит, Ҭамара Коӷониа лыӡбахә Аԥсны анҭыҵгьы ишырдыруаз, лара илызкны изныкымкәан аҳәаанырцәтәи ажурналқәа астатиақәа шанырҵахьаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿ ажурнал "Soviet woman".

Олег Шьедров

Иаҳхысыз ашықәс цәыббра анҵәамҭазы иԥсҭазаара далҵит Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аҵаратә программақәа рнапхгаҩы, Аԥсны аибашьра атәы еиҭазҳәоз ажурналист Олег Шьедров.
"Нанҳәа 25 рҟынӡа Аԥсны сыҟан. Исгәалашәоит ижәылоз рымч, "Мхедриони" абригадақәа. Акызаҵәык дара шәарыцара ицозшәа акәын еиҿкаарак рымамкәа ишаауаз", - ҳәа иҳәеит ажурналист арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аибашьра атәы еиҭазҳәоз ажурналист Олег Шьедров
Олег Шьедров аус иуан СССР Аҳәынҭтелерадио, Интерфакс, ИТАР-ТАСС, Реитер рҿы. РИА Новости аҿы иара еиҿикааит Акорпоративтә ҵаратә центр. Аҵыхәтәантәи имш аҟынӡагьы уа аус иуан аҿар еиҵааӡо.