Сынтәатәи аӡын иаҳа аԥхарра аҵоуп ҵыԥх аасҭа, аԥхьаҟа ахьҭақәа ҳзыԥшуп, аха амшын иахьазааигәоу аҭыԥқәа рҿы асы ауӡом ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ахсалԥҳа.
"Еиҳарак ақәоуп ҳаззыԥшу, маҷк ақәаба-сабаа аур алшоит, аха ашьха ҭыԥқәа рҿы асы ӷәӷәа леиуеит. Ҳазҭоу амзеи жәабранмза азбжеи аҳауа аԥхареи аҳауа хьшәашәеи рҽеимырдалоит. Ашәаԥыџьаԥ азы иӷәӷәоу аҵаа ҳазыԥшӡам", - ҳәа лҳәеит лара.
Аԥсабараҿы аглобалтә ҽеиҭакрақәа ртәы дрылацәажәо аҵарауаҩ илҳәеит 2030 шықәсанӡа дара лассы-лассы ишыҟалало, анаҩс урҭ ҭышәынтәалоит. Убри аҟынтә аҳауа аҭагылазаашьа макьана ирлас-ырлас аҽеиҭанаклоит, азгәаҭарақәа рыҟаҵара макьана иуадаҩуп.
"Аԥсны имҩаԥгаз аҭҵаарақәа урыхәаԥшуазар, ес-ҩышықәса ес-бжьышықәса асы ауеит. Сынтәеи ҽаани асы маҷхоит. Анаҩс иаҳа ирацәахоит, абас еиԥш ацикл шьақәгылан иҟоуп ҳтәылазы", - ҳәа лҳәеит Ахсалԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.