Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахсалԥҳа сынтәатәи аӡын зеиԥшрахо еиҭалҳәеит

Ахсалԥҳа Аԥсны сынтәатәи аӡын зеиԥшрахо еиҭалҳәеит
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиатә институт аусзуҩ Асида Ахсалԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит сынтәатәи аӡынра зеиԥшрахо, иҟалома иӷәӷәоу аҵаақәа, насгьы, аԥсабаратә глобалтә ҽеиҭакрақәа ныррас иҟарҵо атәы.
Сынтәатәи аӡын иаҳа аԥхарра аҵоуп ҵыԥх аасҭа, аԥхьаҟа ахьҭақәа ҳзыԥшуп, аха амшын иахьазааигәоу аҭыԥқәа рҿы асы ауӡом ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ахсалԥҳа.
"Еиҳарак ақәоуп ҳаззыԥшу, маҷк ақәаба-сабаа аур алшоит, аха ашьха ҭыԥқәа рҿы асы ӷәӷәа леиуеит. Ҳазҭоу амзеи жәабранмза азбжеи аҳауа аԥхареи аҳауа хьшәашәеи рҽеимырдалоит. Ашәаԥыџьаԥ азы иӷәӷәоу аҵаа ҳазыԥшӡам", - ҳәа лҳәеит лара.
Аԥсабараҿы аглобалтә ҽеиҭакрақәа ртәы дрылацәажәо аҵарауаҩ илҳәеит 2030 шықәсанӡа дара лассы-лассы ишыҟалало, анаҩс урҭ ҭышәынтәалоит. Убри аҟынтә аҳауа аҭагылазаашьа макьана ирлас-ырлас аҽеиҭанаклоит, азгәаҭарақәа рыҟаҵара макьана иуадаҩуп.
"Аԥсны имҩаԥгаз аҭҵаарақәа урыхәаԥшуазар, ес-ҩышықәса ес-бжьышықәса асы ауеит. Сынтәеи ҽаани асы маҷхоит. Анаҩс иаҳа ирацәахоит, абас еиԥш ацикл шьақәгылан иҟоуп ҳтәылазы", - ҳәа лҳәеит Ахсалԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0