Аԥсны

Аԥсны Аҵәахбанк ишьақәнарӷәӷәеит ажьырныҳәамзатәи урыстәылатәи атәанчахәы аихшанҵа

Атәанчахәы рыҭахоит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҟны атәанчаҩцәа ашәҟәы иахьҭаҩуи иахьынхои иахьмырԥшыкәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ареспубликаҟны инхо, урыстәылатәи атәанчахәы рыҭаразы 2023 шықәса ажьырныҳәамзазтәи аихшанҵа шьақәнарӷәӷәеит.
Аҭәанчахәы рызшәара иалагоит ажьырныҳәа 17 инаркны, иара мҩаԥысуеит х-хәҭакны:
Ажьырныҳәа 17, 18, 19, 20 рзы атәанчахәы рыҭахоит 1950 шықәсанӡа ииз актәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа.
1951-1956 шықәсқәа рзы ииз атәанчаҩцәа атәанчахәы рыҭахоит ажьырныҳәа 23, 24, 25, 26 рзы.
Ажьырныҳәа 27 инаркны атәанчахәы рызшахоит 1957 шықәсеи уи ашьҭахьи ииз атәанчаҩцәа.
Атәанчахәы рыҭахоит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа зегьы рҟны атәанчаҩцәа ашәҟәы иахьҭаҩуи иахьынхои иахьмырԥшыкәа.