Кремль Урыстәыла ахацәа ралҵра азин ҟалом ҳәа игәароу ажәабжь ҿаԥнаҽуеит

Уаанӡа Песков иҿаԥиҽхьан анонимтә Telegram-каналқәа рҿы игәараҵоу амобилизациа ҿыц азы ажәабжьқәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ажьырныҳәа 9 инаркны Урыстәыла аррамаҵзура иаҵанакуа ахацәа ралҵра азин ҟалом ҳәа игәароу ажәабжь ҿаԥиҽуеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Песков иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ари иаабац информациатә мцуп, информациатә диверсиоуп уҳәар ҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара аинформациа ахҳәаа азуа.
Уаанӡа украинатәи АИХқәа рҿы ицәырҵит Атәылахьчара аминистрра аԥшыхәра аҟәша адыррақәа шьаҭас измаз аинформациа – Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рахь арратә маҵзура агәыԥқәа "А", "Б", "В" ирыҵанакуа атәылауаа атәыла ралҵра ԥкызар адҵақәа нанашьҭит ҳәа.
Песков иара убасгьы иҳәеит, аинформациа шьаҭаны иамазарц шахәҭоу аҳәынҭқарра ахада аԥхьа днаргылан аофициалтә мчрақәа. Ааԥхьара ҟаиҵеит амц ԥаршеиқәа ирызхьамԥшларц.
Песков ЕАР абжьаҟазаҩцәа Ҟарабахҟа рынашьҭраз аҭагылазаашьақәа дрылацәажәеит