Песков ЕАР абжьаҟазаҩцәа Ҟарабахҟа рынашьҭраз аҭагылазаашьақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел переговоры с президентом Азербайджана И. Алиевым
Президент РФ В. Путин провел переговоры с президентом Азербайджана И. Алиевым - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.01.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Ҟарабах ЕАР абжьаҟазаҩцәа рыла рыԥсахра атәы иҳәахьан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Дмитри Песков ЕАР абжьаҟазаҩцәа Ҟарабахҟа рынашьҭраз аҭагылазаашьақәа дрылацәажәеит, иҳәеит уи шалшо аимак змоу аҩ-ганк рақәшаҳаҭрала. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аусуратәии еиуеиԥшым егьырҭ аиныррақәа рыҩаӡаралеи аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит.Изныкымкәа ари атема амшхәаԥштә зҵаараны иқәҳаргылахьан. Аха иарбан бжьаҟазаҩцәазаалак уахь рнеира алшоит аимак змоу аҩ-ганк рақәшаҳаҭраала", - ҳәа иҳәеит Песков.

2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Ашьха Ҟарабах аҽазныкгьы аҭагылазаашьа еибарххеит. Ермантәылатәи аган адырра ҟанаҵеит Азербаиџьан ԥхынҷкәын 12 раахыс Лачатәи абжьаларҭа аблокада ишҭанакыз азы. Аҳәамҭаҿ иазгәаҭан Бақәа 2020 шықәса абҵара 9 рзтәи х-ганктәи аицҳәамҭа шеиланаго.
Азербаиџьан имҩаԥысуа урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ахьгылоу аҭыԥ аҿы адгьылтә беиарақәа рыҵхра аанкылараз аекологцәеи аграждантә активистцәеи рҿагыларатә акциоуп ҳәа азгәанаҭеит.
Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Ҟарабах ЕАР абжьаҟазаҩцәа рыла рыԥсахра атәы далацәажәеит. Иҳәеит Ереван урҭ рхымҩаԥгашьа агәыҭынчымра шанаҭо. Урыстәыла ААР ахада Сергеи Лавров иазгәеиҭеит абжьаҟазаҩцәа рнап иану шынарыгӡо, аха аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу.
Ажәабжьқәа зегьы
0