Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Арратә операциа ҷыда ахьцо ар рыдҵаҟаҵаҩ ҿыц даҭоуп

Жьҭаара 8 раахыс арратә операциа ҷыда ахьцо ар рыдҵаҟаҵаҩыс иусқәа наигӡон аинрал Сергеи Суровикин.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу аоперациа ҷыда ахьцо ар рыдҵаҟаҵаҩ ҿыцс даиҭеит АМ рыштаб хада аиҳабы Валери Герасимов. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал.
"Арратә операциа ҷыда анапхгара рыҩаӡара ашьҭыхра адҳәалоуп инагӡатәу аусқәа рырҭбаареи архәҭахкқәа еиҳа ааигәала реинырра аиҿкаареи, иара убасгьы еиҳа хра аманы ар ргәыԥқәа напхгара рыҭареи", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Герасимов ихаҭыԥуаас рыӡбахә ҳәоуп АКМ рыдҵаҟаҵаҩ хада, аинрал Сергеи Суровикин, аршьаҟауаа рыдҵаҟаҵаҩ хада, аинрал Олег Салиуков, Аштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аинрал- полковник Алексеи Ким.
Украина арратә операциа ҷыда иалагеит 2022 шықәса жәабран 24 рзы. Владимир Путин иҳәеит уи киевтәи арежим аҟынтә ауаа рыхьчара хықәкыс ишамоу, далацәажәеит Донбасс ахақәиҭтәреи Урыстәыла ашәарҭадареи ишазку.
Путин Урыстәыла арегион ҿыцқәа рырҿиара атәы далацәажәеит аиҳабыра алархәны