Путин Урыстәыла арегион ҿыцқәа рырҿиара атәы далацәажәеит аиҳабыра алархәны

© Sputnik / Сергей Бобылев/POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТрёхсторонние переговоры президента РФ, президента Азербайджана и премьер-министра Армении
Трёхсторонние переговоры президента РФ, президента Азербайджана и премьер-министра Армении - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2023
Анапаҵаҩра
Владимир Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа иахьмырԥшыкәа ицәырҵуа аусқәа уажәнатә ишыӡбалатәу, арҭ арегионқәа 2030 шықәсазы урыстәылатәи аҩаӡараҟынӡа рнагаразы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин арегион ҿыцқәа рырҿиара атәы далацәажәеит аиҳабыра алархәны ахаша, ажьырныҳәа 11 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны.
Владимир Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа иахьмырԥшыкәа ицәырҵуа аусқәа уажәнатә ишыӡбалатәу, 2030 шықәсазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи аобласт, Запорожие урыстәылатәи аҩаӡараҟынӡа рнагаразы.
"Ҳәарада, аҭагылазаашьа иазхәыцтәуп, аха уи иаанагом ҳаԥхьа ишьҭоу аусқәа рынагӡара ҳнахароуп ҳәа. Уажәнатә шьаҿа-шьаҿа инаҳагӡалароуп ҳхықәкқәа, иҳаӡбалароуп иҟоу ауадаҩрақәа, избанзар ауаа ииашаҵәҟьаны рҭагылазаашьа уадаҩуп, аиҭакрақәа ирызԥшуп. Аиӷьхарақәа рбарц рҭахуп", - иҳәеит иара.
Путин иҳәеит ишылхтәу арегионқәа рырҿиара амҩа – ауааԥсыра ирдыруазароуп идыргыло аҟны аԥыжәара зауа, иарбан цхыраароу аҳәынҭқарра иҟанаҵар алшо. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, арегион ҿыцқәа амилаҭтә проектқәа ишрыҵарктәу, аԥаразоужьра шеиҿкаатәу.
"Аусура еилыкка иҟазароуп арегионалтәии амуниципалтәии амчрақәа рзеиԥш афедералтә мчрақәа рызгьы, аҭыԥ аҿы аиҳабыра, аминистррақәа, аусбарҭақәа рымчқәа еизыркларц азы", - ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Работа бойцов на передовой в зоне спецоперации - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.01.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР Бахмутск аиланхарҭа ахы иақәиҭыртәит
ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи аобласт, Запорожие рырҿиара апрограмма уажәнатә иалагараны иҟоуп. 2030 шықәсазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи аобласт, Запорожие рҟны аинфраструктура, асоциалтә маҵзурақәа, абзазаратә ҭагылазаашьа уҳәа урыстәылатәи аҩаӡараҟынӡа рнагара алыршатәуп ҳәа иҳәеит Путин.
ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа Урыстәыла ралаларазы ареферендумқәа мҩаԥысуан цәыббра 23-27 рзы. 100% абуллетенқәа аус анрыдыруыла ашьҭахь иаарԥшхеит ДЖәР аҿы Урыстәыла алалара ишадгыло 99,23% зыбжьы азҭаз, ЛЖәР – 98,42%, Херсонтәи аобласт – 87,05%, Запорожиатәи аобласт - 93,11%.
Ажәабжьқәа зегьы
0