Аԥсны

Аԥсны ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭа иалагазар 1,5 нызқь тонна аԥсыӡ ркхьеит

2022-2023 шықәсқәа рзтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаан 35 нызқь тонна акамшьиа акра алшоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. 2022-2023 шш. рзтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭа иалагазар 1485 тонна аԥсыӡ ркхьеит, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны аԥсабареи аекологиеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Ззин азыԥҵәо 35 нызқь тонна аԥсыӡкра иаҿырԥшны иахьа 1485 тонн рҟынӡа аԥсыз куп, ари рацәам. Ҵыԥх аасҭа арбагақәа маҷуп, избанзар макьана амшын аԥхарра аҵоуп. Аеколог ишиҳәо ала, аԥсыӡ еиҳаны акразы амшынӡы аҟәандара 8-9°C. Усҟан ауп аԥсыӡ рҽанеизыркуа.

Аԥсны иҟоуп жә-зауадк аԥсыӡ аус адызуло. Дара аҭырқәа ӷбақәа қьырала иаанкыланы ареспублика амшынԥшаҳәаҿы аԥсыӡ ркуеит. Ҷыҭанаа иҳәеит иахьазы аԥсыӡ зкуа аа-ӷбак шракәу.
Аҵарауаҩ Амшын еиқәа иахьаҵанакуа аԥсыӡ маҷхоит ҳәа ирҳәо дақәшаҳаҭым, уи ашьақәырӷәӷәаразы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ззин ыҟоу аквотақәа рырбагақәа ааигеит.
"Ҵыԥх 29 000 тонна ҳәа аквота шьақәыргылан, сынтәа – 35 000 тонна. Асеиԥш шьақәыргылан абри аусхк аҟны аусдырцәа рыҭҵаарақәа рышьаҭала. Еиуеиԥшым ашықәсқәа еиҿурԥшыр иубоит аԥсыӡ ахыԥхьаӡара шеиҵамхо". - иҳәеит Аԥсны аԥсабареи аекологиеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Арадио
Ҷыҭанаа акамшьиазы: макьаназ ҵыԥх аасҭа арбагақәа маҷуп
Акамшьиа акәзар иклатәуп, избан акәзар урҭ ирымоу ақәра ԥшьышықәса зыҵәык ауп, аха убри аан шьаҭанкыла ақәгара ҟалом ажәла иазхаша ааныжьтәуп ҳәа иҳәоит Ҷыҭанаа.
Савели Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит Аԥсны аӡымҽхакыраҿы иахәҭоу еиҳаны аԥсыӡ шырымкуа.
"Ҭырқәтәыла 300 000 тонна аԥсыӡ ркуеит, Қырҭтәыла - 100 000 тонна, ҳара ианеиҳаха - 50 000 тонна", - иҳәоит аеколог.
Савели Ҷыҭанаа иҳәеит аԥсыӡкра ишахылаԥшуа аилаки урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи.