АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Ажьырныҳәа 13 инаркны 17-нӡа Аԥсны алашара арцәара аамҭеихшара ҿыц алагалоуп, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҟны иазгәарҭеит, афымца цәаҳәақәа ирықәу аидара ӷәӷәахар аамҭеихшара иахьмырԥшкуа алашара дырцәалар ҟалоит ҳәа.
Ажьырныҳәа 12 инаркны Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагеит. Аԥкрақәа алагалоуп атәылаҟны афымцалашара ахархәара ахьаҳараку иахҟьаны адефицит ахьеизҳауа азы.