Аԥсны

"Аԥсныеихамҩа" алокомотив ҿыцқәа ҩба аанахәеит

"Аԥсныеихамҩа" алокомотив ҿыцқәа аанахәеит 1993 шықәсазы аибашьра еилгазар аахыс раԥхьаӡа акәны. Ари иалнаршоит апассаџьырцәеи аидарақәеи еиҳа ирацәаны рымҩангара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. "Аԥсныеихамҩа" амагистралтә локомотив ҿыцқәа ҩба аанахәеит - афымцамҩанга ВЛ-10, аԥхаррамҩанга 2ТЭ116. Абри атәы аанацҳауеит анаплакы аофициалтә Telegram-канал аҿы.
Алокомотив ҿыцқәа иалдыршоит апассаџьырцәеи аидарақәеи еиҳа рацәала рымҩангара. Урҭ рымчхара ҩынтәны еиҳауп уаанӡа ахархәара зырҭоз раасҭа –50 вагон зыцраҳәо адәыӷбақәа ныҟәыргар рылшоит.
Афымцамҩангага аидарақәа рныҟәгараз ахархәара иалагахьеит. Аԥснытәи рколлегацәа амашьына ҿыцқәа рхархәашьа рырҵаразы ирыцхраауеит урыстәылатәи аҟазауаа.
Анаплакы адыррала алокомотивқәа аахәоуп рхатә биуџьети, ахада Аслан Бжьаниеи Аекономика аминистрреи рыцхырааралеи.
Аԥсны
Аихамҩа "Кьалашәыр" аҟны зқьы инареиҳаны шпала ԥсахуп