Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аихамҩа "Кьалашәыр" аҟны зқьы инареиҳаны шпала ԥсахуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Железнодорожный вокзал Келасур в Сухуме
Железнодорожный вокзал Келасур в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Анапаҵаҩра
Аихамҩақәа реиҭашьақәыргылараз "Аԥсны аихамҩа" урыстәылатәи аҟазауаа аанаԥхьеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аихамҩа "Кьалашәыр" аҟны 1,2 нызқь рҟынӡа иажәыз ашпалақәа ԥсахуп аихабетон иалхқәоу рыла ҳәа аанацҳауеит АУН "Аԥсны аихамҩа".
Уи адагьы аҟазауаа амҩақәа дыриашеит, арельсшпалатә дауарқәа рыԥсахит, аиагагақәа еиҭашьақәдаргылеит.
Аихамҩа аусзуҩ Виктор Рожков иажәақәа рыла, аусурақәа ахьцоз аҭыԥқәа рҿы акыршықәса игәыгәҭажьын.
Рожков иҳәеит аусурақәа аныҟәара ашәарҭадаразы ишцхыраагӡахо, апассаџьыртәии аихамҩатәии мҩангарақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара ишацхраауа.
Аусурақәа даҽа мчыбжьқәак ирыдхалоит, 250 еихабетонтә шпала шьҭарҵараны иҟоуп. Аиԥш зеиԥшу аусурақәа мҩаԥысуан Кьалашәыр инаркны Дранданӡагьы. Араҟа аиагагақәа ықәганы 65 метра дрыцқьеит.
Железная дорога  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2022
Аԥсны
Аангыларҭақәа "Аӡҩыбжьеи" "Драндеи" рыҟны аихамҩаҵҵақәа еиҭашьақәдаргылоит
Ажәабжьқәа зегьы
0