Аԥсны

Аԥсны анаркотикқәа алазырҵәоз 17 шықәса иқәырҵеит

Анаркотикқәа алазырҵәоз даанкылан Гагра араион, ареспубликатә мҩаду Ԥсоу-Егры иаԥну абнацәаҳәаҿ ииасыз ашықәс, ааԥынразы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik. Гагратәи араионтә ӡбарҭа Алмас Ӡкәиа аҭиразы закәаншьаҭада анаркотикқәа ааихәон, имҩанигон, ииҭиуан, иара убасгьы еилацәажәарыла гәыԥҩык алархәны мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа рыҭира далахәын ҳәа ахаар иднаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Анаркотикқәа раларҵәаҩ Алмас Ӡкәиа 17 шықәса иқәырҵеит зрежим ӷәӷәоу ариашаратә колониаҟны ихигаразы, иара убасгьы 1,5 млн мааҭ ахараԥса ишәароуп.
Аусҭҵаара инақәыршәаны Ӡкәиа ҩ-еилаҳәарак аметадон ааихәеит. Акы ихы иаирхәеит, аҩбатәи иҭиит. Уи ашьҭахь аҽа х-еилаҳәарак ааихәеит, урҭ ашьҭаҵарҭақәа рхархәарала иҭиит.
Иара убасгьы иҩны иҵәахны иман аметадон рацәа. Ахара зхараҵо ихара арԥсыҽра ҳәа ишьоуп зықәра намӡац хҩык ахшара имазаара.
Аԥсны
Ҩыџьа аҳәаанырцәуаа 200 грамм аметодон рымхуп Аԥсны