Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа иԥыржәеит украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба

Уахыки-ҽнаки рыла Запорожтәи аобласт аҿы Аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа иҭадырхеит зныкҟьара еицхысуа HIMARS асистема иаҵанакуа ареактивтә снариадқәеи "Ольхеи".
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. Урыстәылатәи авиациа, аракетатә архәҭақәа, артиллериа ДЖәРи Запорожтәи аобласти рҿы иԥыржәеит украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, 123 раион рҿы аруааи аибашьыгатә техникеи ҳәа асабша адырра ҟарҵеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериеи иқәырхит аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба аиланхарҭақәа Горниак Донецктәи жәлар рреспубликаҿи Запорожтәи аобласт Зеленыи Гаи аҿи, иара убас УАМ артиллериатә ҟәшақәа 118, 123 раион рҿы аруааи аибашьыгатә техникеи", - ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрра.
Купиантәии Краснолимантәии ахырхарҭақәа рҿы Киев уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 80-ҩык.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы Агәҭантәи арратә округ иатәу артиллериеи Аҳауа-десанттә архәҭақәеи иреихсит 80-тәи адесант-жәыларатә, 71-тәи аегертә бригадақәа рыҟәшақәа аиланхарҭақәа Украина иахьаҵанакуа Григоровкеи Донецктәи жәлар рреспублика иахьаҵанакуа Серебрианкеи рҿы. Уи адагьы, иҭархоуп аиланхарҭа Шипиловка ахырхарҭаҿы аус зуаз украинатәи аруаа рдиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ.