"Апарк иахьа иаҭаараны иахәҭаз ҳәа ҳгәы иззаанагоз хаҭала сара исымбаӡеит, аха, асасцәа рхыԥхьаӡара ҳара ишаҳҭахыз еиԥш ирацәамзаргьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟарҵаз агәцаракра ҳгәы шьҭызхуаз ак акәны иҟалеит. Аӡыргара аҭахуп апарк. Аԥсуаа ҳахдырраҿы иҟазароуп ҳҭоурых атәы зҳәо аӡыргара. Риҵа ада акгьы ыҟамызшәа. Убри аан Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рзы ҳара ҩымш заҵәык ракәын аус анаҳамуаз. Амза ҩба рынахыс ҳаартын. Ауаа рацәан. Урҭ аӡәы имҩахигаз ракәӡам, зхатә машьынала хаз-хазы иҟаз ракәын", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Аетнографиатә парк "Аԥсны" амузеи аиҳабы иара убасгьы еиҭалҳәеит ашықәс иалагӡаны апарк аҩнуҵҟа еиҿкааз апроект ҿыцқәа ртәы, урҭ рҷыдарақәа ртәы дазааҭгылеит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.