https://sputnik-abkhazia.info/20230116/kyniaa-aideologia-aganakhala-tsyrkueit--1043618491.html
Кәыҵниаԥҳа: аидеологиа аганахьала ҳцыркьуеит
Кәыҵниаԥҳа: аидеологиа аганахьала ҳцыркьуеит
Sputnik Аҧсны
Аетнографиатә парк "Аԥсны" амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит изеиԥшрааз иҳаҩсыз ашықәс аетно-парк аусуразы, излахарҭәаахеи... 16.01.2023, Sputnik Аҧсны
2023-01-16T19:30+0300
2023-01-16T19:30+0300
2023-01-16T19:30+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/0f/1043618337_0:0:2001:1125_1920x0_80_0_0_d74b120f20cc7490645255c4af6148cf.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа аетно-парк 2022 шықәсазтәи аусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа аетно-парк 2022 шықәсазтәи аусура иазкны
"Апарк иахьа иаҭаараны иахәҭаз ҳәа ҳгәы иззаанагоз хаҭала сара исымбаӡеит, аха, асасцәа рхыԥхьаӡара ҳара ишаҳҭахыз еиԥш ирацәамзаргьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟарҵаз агәцаракра ҳгәы шьҭызхуаз ак акәны иҟалеит. Аӡыргара аҭахуп апарк. Аԥсуаа ҳахдырраҿы иҟазароуп ҳҭоурых атәы зҳәо аӡыргара. Риҵа ада акгьы ыҟамызшәа. Убри аан Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рзы ҳара ҩымш заҵәык ракәын аус анаҳамуаз. Амза ҩба рынахыс ҳаартын. Ауаа рацәан. Урҭ аӡәы имҩахигаз ракәӡам, зхатә машьынала хаз-хазы иҟаз ракәын", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.Аетнографиатә парк "Аԥсны" амузеи аиҳабы иара убасгьы еиҭалҳәеит ашықәс иалагӡаны апарк аҩнуҵҟа еиҿкааз апроект ҿыцқәа ртәы, урҭ рҷыдарақәа ртәы дазааҭгылеит.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/0f/1043618337_75:0:1852:1333_1920x0_80_0_0_dd38a1586bf3a44135980afcfa441bb3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Кәыҵниаԥҳа: аидеологиа аганахьала ҳцыркьуеит
Аетнографиатә парк "Аԥсны" амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит изеиԥшрааз иҳаҩсыз ашықәс аетно-парк аусуразы, излахарҭәаахеи аҭоурыхтә обиект, насгьы уи иаҭаараны иҟаз асасцәа рхыԥхьаӡара усҟак изырацәамхаз.
"Апарк иахьа иаҭаараны иахәҭаз ҳәа ҳгәы иззаанагоз хаҭала сара исымбаӡеит, аха, асасцәа рхыԥхьаӡара ҳара ишаҳҭахыз еиԥш ирацәамзаргьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟарҵаз агәцаракра ҳгәы шьҭызхуаз ак акәны иҟалеит. Аӡыргара аҭахуп апарк. Аԥсуаа ҳахдырраҿы иҟазароуп ҳҭоурых атәы зҳәо аӡыргара. Риҵа ада акгьы ыҟамызшәа. Убри аан Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рзы ҳара ҩымш заҵәык ракәын аус анаҳамуаз. Амза ҩба рынахыс ҳаартын. Ауаа рацәан. Урҭ аӡәы имҩахигаз ракәӡам, зхатә машьынала хаз-хазы иҟаз ракәын", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Аетнографиатә парк "Аԥсны" амузеи аиҳабы иара убасгьы еиҭалҳәеит ашықәс иалагӡаны апарк аҩнуҵҟа еиҿкааз апроект ҿыцқәа ртәы, урҭ рҷыдарақәа ртәы дазааҭгылеит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.