Аԥсны

Шәачатәи авиаторцәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҽазыҟаҵара иаҳәеит

Шәача авиаторцәа аҽазыҟаҵара рылшаӡом Украина аоперациа ҷыда иахьазааигәоу азы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Авиациа ласы аклуб "Пластунка" ахаҭарнакцәа Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин иҳәеит дрыцхраарц Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы рҽазыҟаҵараҿы дрыцхраарц. Абри атәы Затулин ианиҵеит и-Telegram-канал аҿы.

"Шәачатәи аспортсменцәа-авиаторцәа иҟарҵаз аҳәара инақәыршәаны, Константин Затулин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иахь аҳәара ҟаиҵеит ари аус аҟны адгылара ааирԥшырц", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.

Краснодартәи атәылаҿацә Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иахьазааигәоу азы Шәача, егьырҭ арегионқәа жәпакы рҟнеиԥш, аԥрыгатә техника ахархәаразы аԥкрақәа ыҟоуп.
Убри иахҟьаноуп Урыстәыла аладатәи ахәҭеи агәантәи аҳаирбаӷәазақәеи 11 рҟны аԥкрақәа залагалоу - Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста. Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 рзы, иахьа уажәраанӡагьы изныкымкәа рыҿҳәара иацнаҵахьеит.