Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа Қьырса Иӡаахра амш азгәарҭоит

Аӡаахырҭақәа рааигәара идыргылоит ирԥхоу ар рқьалақәа, уа амедусзуҩцәа ҷаԥшьалоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа Қьырса Иӡаахра аныҳәамш азы аӡыԥшьа рыҽҭыршьуеит, абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

Изҭахә зегьы алшара рымоуп иԥшьоу Николаи ихьӡ зху арратә базаҿы иҟоу Воисков ауахәамаҿ анцәаимҵаныҳәареи, уи ашьҭахь аӡаахреи аҽалархәра.

Аӡӡаахра мҩаԥгахоит ишьақәыргылоу аҭыԥқәа рҿы.
Аӡӡаахрақәа мҩаԥгахоит Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿгьы.
Аӡаахырҭақәа рааигәара идыргылоит ирԥхоу ар рқьалақәа, уа амедусзуҩцәа ҷаԥшьалоит.
Аԥсны
Қьырса Иӡаахра амш иазку анцәаимҵаныҳәарақәа Аԥсны аус зуа ауахәамақәа зегьы рҿы иҟалоит